Сергеи Багаҧшь
Материал из Wikipedia
Сергеи Багаҧшь (1949 -). Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада.
2005 ш. жьырныҳәа 12 рзы имҩаҧысыз аиҭалхрақәа рҿы 55 шыкәса зхыҵуа Багаҧшь далхын алхыҩцәа рахьтэ 90% иреиҳаны ирҭаз абжьқәа рыла.
Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь аҳәынҭқарратә маҵураҿы ишааникылахьоу аҭыҧқәа:
1980 ш.- ВЛКСМ Аҧснытәи обком актәи амаӡаныҟәгаҩ.
1982 ш. - Очамчыратәи РК КП актәи амаӡаныҟәгаҩ.
1992 ш. - Аҧсны Ареспублика аминистрцәа Рсовет ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ.
1995 ш.. - Аҧсны Ареспублика актәи авице-премиер.
1997-1999 шш. - Аҧсны Ареспублика апремиер-министр.