Аусумҭақәа. Аҧсны аҭоурыхи аетнографиеи. - Аҟәа: Аҧсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә фонд, 2004; 639 д.
Апрофессор Гьаргь Амҷба иусумҭақәа иргәылоуп Аҧсны аҭоурыхи аетнографиеи ирызку аҩымҭақәа.
Урҭ Кавказ аҭҵаарадырратә дунеиаҿ мацара акумкуа, аҳәаанырцәгьы ахәшьара ҳарак зыҭоу амонографиақәа: "Заатәи абжьарашәышықәсақәа рхаaн Аҧсны аполитикатә ҭагылазаашьа", "Аҧсны аҭоурыхи аетнографиеи ирызку астатиақәа", "Аҧсуаа рҽыбҕаҟазара" рҟынтә иаагоуп, иара убас апериодика ианылахьоу аҭҵаарадырратә статиақәа, арецензиақәа, аҧсуаҭҵаара аусзуҩцәа ирызку анҵамҭақәа, aиҭагақәа рылоуп.
Ашҟәы иагәылоу аусумҭақәа тематикалеи хронологиалеи даараӡа иҭбаауп, хымҧада, аҧхьаҩ изы аинтерес ду рыҵоуп.
Ари ашҟәы рхы иадырхәар алшоит аҭоурыхҭҵааҩцәа, аетнологцәа, арҵаҩцәа, астудентцәа, иара убас Аҧсны аҭоурых иазҿлымҳау аҧхьаҩцәа зегьы.
Ашҟәы аҭыжьразы афинанстә цхыраара ҟанаҵеит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилак.
|