Ҟарачы-Зыхəтəылатəи Аҳəынҭқарра
Материал из Wikipedia.
Аҩада-мраҭашәаратә Кавказ Ҟарачы-Зыхәтәылатәи Аҳәынҭқарра иҟоуп. Атерриториа – 14.100-кмк2; аҳәынҭқарра иаланхо – 439.470-ҩык (2002 ш.). Ақалақь Черқьезқалақь (116.244) Ҟарачы-Зыхәтәыла иаҳҭнықалақьуп. Даҽа қалақьқәа Уст-Џьегәҭа (32.903), Ҟарачаиқалақь (22.113), Ҭеберда (7.827) роуп. Административ-территориалтә ашара – ақалақь Черқьезқалақь; Ҟарачаиқалақь ақалақь ахадара дгьылқәа; 8-раионк (Адыга-Ҳабла, Ҳабаз, Ҟәбина, Уст-Џьегәҭа, Уарҧ, Инџьыгь, Ҟарачаи, Ҟарачаи Хәҷы) иҟоуп. Аурыс бызшәа, аҟабарда-черқьез (амрагыларатәи азыхә) бызшәа, аҟарачы-балҟар бызшәа, абаза бызшәа, анаҩеи бызшәа аҳәынҭқарратә бызшәақәа роуп. Аҳәынҭқарра хьыӡқәа: 1922-1926 – Ҟарачы-Черқьезтәи Автономтә Област; 1926-1928 - Ҟарачаи Автономтә Области Ачерқьезтәи Милаҭтә Дгьыли; 1928-1944 - Ҟарачаи Автономтә Области Черқьезтәи Автономтә Области; 1944-1957 - Ачерқьезтәи Автономтә Област; 1957-1991 - Ҟарачы-Черқьезтәи Автономтә Област; 1991 инаркны - Ҟарачы-Зыхәтәылатәи Аҳәынҭқарра. [1]