Ҟабарда-Балҟартəылатəи Аҳəынҭқарра
Материал из Wikipedia.
|
|||
Аҩада-мраҭашәаратә Кавказ Ҟабарда-Балҟартәылатәи Аҳәынҭқарра иҟоуп. Атерриториа – 12.500-кмк2; аҳәынҭқарра иаланхо – 901.494-ҩык (2002 ш.). Ақалақь Налшық (274.974) Ҟабарда-Балҟартәылатәи Аҳәынҭқарра иаҳҭнықалақьуп. Даҽа қалақьқәа Ицәыхьшәашәоу Ақалақь (61.722), Бахсан (35.805), Нарҭқала (33.775), Маиски (27.037), Ҭырныауз (21.092), Ҭарч (20.255), Шаџьам (17.893) роуп. Административ-территориалтә ашара – Налшық ақалақь ахадара дгьылқәа, ақ. Ицәыхьшәашәоу Ақалақь, жәа-раионк (Зол, Бахсан, Ашьхамахәа, Чагьам, Ицәыхьшәашәоу Ақалақь, Маиски, Аруан, Ласқьан, Шараџь, Ҭарч) иҟоуп. Аурыс бызшәа, аҟабарда-черқьез (амрагыларатәи азыхә) бызшәа, аҟарачы-балҟар бызшәа аҳәынҭқарратә бызшәақәа роуп.
Аҳәынҭқарра хьыӡқәа: 1921-1922 — Аҟабардатә Автономтә Област; 1922-1936 — Ҟабарда-Балҟартәылатәи Автономтә Област; 1936-1944 — Ҟабарда-Балҟартәылатәи Автономтә Советтә Социалисттә Республика; 1944-1957 — Аҟабардатә Автономтә Советтә Социалисттә Республика; 1957-1991 — Ҟабарда-Балҟартәылатәи Автономтә Советтә Социалисттә Республика; 1992 инаркны — Ҟабарда-Балҟартәылатәи Аҳәынҭқарра.