Қырҭтәыла
Материал из Wikipedia.
Қырҭтәыла Аҳәынҭқарра Кавказ агәыҭаны ыҟоуп. Атерриториа – 57.100-кмк2; аҳәынҭқарра иаланхо – 4.369.579-ҩык (2002 ш.). Ақалақь Қарҭ (1.081.679-ҩык) Қырҭтәыла Аҳәынҭқарра иаҳҭнықалақьуп. Ақалақь дуқәа – Қәҭешь, Баҭым, Русҭау, Жәыргьыҭ, Гәар. Административ-территориалтә ашара – ақ. Қарҭ, Аҷартәылатәи Автономтә Республика, 9-тәылаҿацәк (Агырны-Хыхьтәи Шәаны, Раҷа-Лечхәым-Ҵаҟатәи Шәаны, Гәыриа, Имереҭи, Самцхе-Џьавахеҭи, Аҩнуҵҟатәи Қарҭли, Ҵаҟатәи Қарҭли, Мцхеҭа-Мҭианеҭи, Қахеҭи), 60-раионк (Қьада, Қобулеҭ, Шьуахьау, Хьалуачаур, Хәыло, Жәыргьыҭ, Хәаб, Ҵаленџьыха, Чхәароҵҟәы, Санакь, Абашьа, Мартәыл, Местиа, Уажәыргьаҭ, Ланчхәыҭ, Чохатаур, Тҟибул, Ҵҟалтубо, Ҷиаҭура, Баҕдад, Ван, Зесҭаҧон, Ҭерџьола, Самтредиа, Сачхере, Харагаул, Хәан, Ахмета, Гәырџьаан, Дедоҧлис-Ҵҟаро, Ҭелау, Лагодехь, Сагареџьо, Сиҕнаҕь, Ҟәарел, Ахалгәар (Аладатәи Уаҧстәыла Ленингәар араион қырҭтәылатәи аҟәша), Душьеҭ, Ҭианеҭ, Мцхеҭа, Ҟазбақь, Амбролаур, Уан, Цагер, Лентех, Адыгьан, Аспинӡа, Ахалқалақь, Ахалцых, Борџьом, Ниноҵминда, Болнис, Гардабан, Дманис, Марнеул, Ҭеҭри-Ҵҟаро, Ҵалка, Гәар, Касп, Қарел, Хашәыр). Ақырҭшәа аҳәынҭқарратәи бызшәа ауоп. Аҳәынҭқарра хьыӡқәа: 1921-1990 – Қырҭтәылатәи Советтә Социалисттә Республика; 1990 инаркны – Қырҭтәыла Аҳәынҭқарра.