Даҕьесҭан Аҳәынҭқарра
Материал из Wikipedia.
Аҩада-мрагыларатә Кавказ Даҕьсҭан Аҳәынҭқарра иҟоуп. Атерриториа — 50.300-кмк2; аҳәынҭқарра иаланхо — 2.576.531-ҩык (2002 ш.). Ақалақь Маҳачқала (461.412) Даҕьсҭан иаҳҭнықалақьуп. Даҽа қалақьқәа Хасавиурҭ (121.817), Дербенҭ (101.031), Каспииск (77.650), Буинакск (61.437), Кьызлар (48.457), Избербашь (39.365), Ҟьызилиурҭ (30.264), Даҕьсҭантәи Лашара (26.346), Аладатәи Сухокәымск (9.777) роуп.
Административ-территориалтә ашара – ақалақьқәа рахадарақәа рыдгьылқәа (Маҳачқала, Избербашь, Ҟьызилиурҭ, Кьызлар); 6-қалақьк (Хасавиуҭ, Буинакск, Каспииск, Дербент, Даҕьсҭантәи Лашара, Аладатәи Сухокәымск); 41-раионк (Аҕәылтәи, Ақәша, Ахәах, Ахҭы, Бабаиурҭ, Болиҟ, Буинакск, Харгабил, Гәымбаҭ, Ҕәниб, Дахадаев, Дербенҭ, Доқәызҧары, Ҟазбақь, Хаидаҟ, Ҟарабудахқьанҭ, Қаиақьанҭ, Ҟьызилиурҭ, Кьызлар, Қәыли, Ҟәымҭорқала, Қәрах, Алақтәи, Леуашьы, Магарамқьанҭ, Алақ Ҿыцтәи, Анаҩеи, Рутул, Серго-Қала, Салуман-Сталск, Аҭабасарантәи, Тарумовка, Ларата, Унцуқул, Хасавиурҭ, Хьыв, Ҟәнӡаҟ, Ҵумада, Ҵунта, Ҷарада, Шьамил) иҟоуп. Аурыс бызшәеи Даҕьсҭан жәларқәа рбызшәақәеи аҳәынҭқарратә бызшәақәа роуп.
Аҳәынҭқарра хьыӡқәа: 1921-1991 — Даҕьсҭантәи Автономтә Советтә Социалисттә Республика; 1991 инаркны — Даҕьсҭан Аҳәынҭқарра.